top of page

HIBLA MUKBA
 

Текст песни "Ҳаибабап"

Сл. и муз. Х. Мукба

Са сузыҧшын

Ауаа рацәа срылан

Усыҧшаауан

Сыблақәа рыла

Гуӷрак лашон

Сгаҵа ианыруан

Аха ҽа шьоукы

Сылаҧш нарықәшәон

Саҭамыз

Ба бгәы нсырхазар

Саҭамыз

Ба бгәы ҟасымҵазар

Иаҳәоит са сгәы

Ба быда ихәарҭам

Иаркуп, иаарты

бгуы ашәқәа

 

Припев

Ҳаибабап, ҳаибабап

Ҧхыӡла акәым лабҿаба

Иауам , са сгу уа уҭыҵуам

Ҳаибабап, ҳаибабап

Абыржәы, иахьа, уаха

Мамзар, еиҳа бзиа бызбоит

 

Са исзынхеит

Асахьақәа реизга

Исгәалазыршәо

Ииасыз амшқәа

Ахуцра рацәа

сҽасымҭаӡаргьы

Зегь акоуп

Сыбла быхгылоуп

Ихасҵон

Уажәақәа хасҵон

Ихасҵон

Уцэаннырақәа хасҵон

Ҳаицәыхаран аха

Еицәажәон ҳагуқәа

Ҿысҭуамызт, аха иаартын

сгуы ашәқәа

 

Припев

Проигрыш

Припев

Текст песни "Илашазааит умҩа"

Сл. и муз. Х. Мукба

 

Припев

Илашазааит умҩа

Инагӡахааит угәҭакқәа

Гәыкала иузыҟоу

уааигуа иҟаз есымша

Имариазааит умҩа

Гурӷьарала иҭәызааит умшқәа

Анасыҧ ду умаз 

 

Исҭахуп иаартны иуасҳәарц

Сгу узыразуп уара

Сымч сылша акы саиегӡом

Аказы сануҭахха

 

Ҳа ҳаиҩызцәаны ҳҟалазар

Сгу узыбылуеит уара

Анҭ иуҿаччо зегьы среиҧшӡам

Сыҟазаргьы хара

 

Ҳамҭа дууп са дахьсиҭаз

Ас аҩыза анцәа

Изылшо са сзыҳәан дгурӷьарц

Зыбла ччо иразӡа

 

Ҳамҭа дууп са дахьсиҭаз

Ас аҩыза, Анцәа!

Иурҳа, адунеи ду!

 

Припев

Исҭахуп иаартны иуасҳәарц

Сгу узыразуп уара

Сымч сылша акы саиегӡом

Аказы сануҭахха

 

Ҳа ҳаиҩызцәаны ҳҟалазар

Сгу узыбылуеит уара

Анҭ иуҿаччо зегьы среиҧшӡам

Сыҟазаргьы хара

 

Ҳамҭа дууп са дахьсиҭаз

Ас аҩыза анцәа

Изылшо са сзыҳәан дгурӷьарц

Зыбла ччо иразӡа

 

Ҳамҭа дууп са дахьсиҭаз

Ас аҩыза, Анцәа!

Иурҳа, адунеи ду!

Припев

Припев

Припев

Илашазааит умҩа

Текст песни "Иухаршҭ"

Сл. и муз. Х. Мукба

 

Лассы уара ишыуҭахыу иауам

Уара уҧсҭазаара мариам

Лассы уа узыҳәан аилыргара цәгьоуп

Дуаӷоу дыуҩызоу уааигуа итәоу

Аха шәымҭаказ ублақәа наркны

Акы уҧсахырц уара угу инҭакны

Амҵәыжәҩақәа умоушәа угу иарбаны

Ажәҩанахь уҧры

Уа уоуп уҧсҭазаара иаҧшәымоу

 

Припев

Иухаршҭ зегьы

Иухаршҭ агуалеи ахьааи

О, ииасуеит аҵх

Уи иаанагоит ашамҭа ааигәахоит

Иухаршҭ зегьы

Иухаршҭ агәалеи ахьааи

О, ииасуеит аҵх

уи иаанагоит - ашамҭа ааигәахоит

 

Икажь, иумоу урҭ ухәцрақәа

Иунырп ишыҟам аҧынгылақәа

О-о уаха, иаушәа убозаргьы уи аҵх

Уара уаҧыл ашамҭа ҿыц

Улахьынҵа уаиааи, мышкы уааҧшыр

Еилукаап унасыҧ ишеиҳахаз

Уара иулшеит, уара иулшеит

Егьи зегьы нас хьаас иумкын

 

Припев

Иухаршҭ зегьы

Иухаршҭ агуалеи ахьааи

О, ииасуеит аҵх

Уи иаанагоит ашамҭа ааигәахоит

Иухаршҭ зегьы

Иухаршҭ агәалеи ахьааи

О, ииасуеит аҵх

уи иаанагоит - ашамҭа ааигәахоит

 

Припев

Иухаршҭ зегьы

Иухаршҭ агуалеи ахьааи

О, ииасуеит аҵх

Уи иаанагоит ашамҭа ааигәахоит

Иухаршҭ зегьы

Иухаршҭ агәалеи ахьааи

О, ииасуеит аҵх уи иаанагоит

Ашамҭа ааигәахоит

Ииасуеит аҵх

уи иаанагоит - ашамҭа ааигәахоит

Текст песни "Ҳдунеи"

Сл. М. Аргун, муз. Х. Мукба

 

Иубо амшын шаҟа иҭынчым

Арҭ аҵлақәа ҭыҧҳак илҩызам Ашьхақәагьы шьҭа ауаҩы итәитәит Иаҳбаӡом ҳа ҳгәам ахәаҽит аӡиас

Ҳа ҳаҧсабара ахымҩаҧгашьа

Аныҧшуеит аҵакы, аиаша

Уи ашьа ауам

Уи баша аҽахьчоит

Ауаҩы дызҿи?

Избан уи дзабашьуа?

 

Припев

Уи - ҳара ҳдунеи

Уи - ҳара ҳдунеи иҩызоуп аҧшқа

Ахәҷы дыхьчам

Дыхьчаӡам уи ауаҩы иҿаҧхьа

Зегь ҳара ҳнапы

Зегь ҳара ҳнапы иануп иаҳдыруаз Еиҩаҳшо акгьы ыҟаӡам

Ҳдунеи зегьы иаҳзеиҧшуп

 

Иуҵанаҳәоит аҧсабара

Иулаз маҷӡак иадымхаргьы

Рыцҳашьарак, абзиабарак

Ауаҩы дуаҩума уи анилам?

Ҳабаццакои џьара-џьара

Иҳақәшәо зегьы ҳрыӷрагыло

Аангылара ишахәҭоу еилаҳкаарц

Уаҳа адунеиаҿ иҟаларан иҟои?

 

Припев

Уи - ҳара ҳдунеи

Уи - ҳара ҳдунеи иҩызоуп аҧшқа

Ахәҷы дыхьчам

Дыхьчаӡам уи ауаҩы иҿаҧхьа

Зегь ҳара ҳнапы

Зегь ҳара ҳнапы иануп иаҳдыруаз Еиҩаҳшо акгьы ыҟаӡам

Ҳдунеи зегьы иаҳзеиҧшуп

 

Уӡырҩи иаҳәо аӡиас

"ҳа ҳаиқәрхоуп ари аҧшӡара еиқәрхазар" Ҳазыхиоу?

Уазыӡырҩ аҧшқа иҧсеивгашьа шаҟа иҭынчу

Уи аҧсабара атәы ишеиҧшу

Уи уара ушҟа ихоуп инапқәа

 

Припев

Уи - ҳара ҳдунеи

Уи - ҳа ҳдунеи иҩызоуп аҧшқа

Уи дыхьчаӡам ауаҩы иҿаҧхьа Иаҳдыруама ҳнапаҿы иҟоу

Иарбану еиҩаҳшо иҟоу

Ҳара ҳдунеи еиқәҳархароуп

 

Припев

Уи - ҳара ҳдунеи

Уи - ҳара ҳдунеи иҩызоуп аҧшқа

Ахәҷы дыхьчам

Дыхьчаӡам уи ауаҩы иҿаҧхьа

Зегь ҳара ҳнапы

Зегь ҳара ҳнапы иануп иаҳдыруаз Еиҩаҳшо акгьы ыҟаӡам

Ҳдунеи зегьы иаҳзеиҧшуп

Текст песни "Ҳаиҩызцәахом ахаан"

 

Иаҳхаҳгаз рышьҭахь

Ҳара ҳаиҩызцәахом ахаан

 

Припев

Иаҳхаҳгаз рышьҭахь, нас иауама? 

Иҳабжьаз зегь рышьҭахь, нас иауама? 

Ҳара ҳаиҩызцәахом ахаан

Ҳара ҳаиҩызцәахом ахаан

Иҟалап нас амрагь ӡыҭуазар

Иҟалап агәалашәарагь хаҳәхар

Аха ҳаиҩызцәахом ахаан

Аха ҳаиҩызцәахом..

 

Иҧнаҟоит уажә са сцәа сжьы уи ахьаа Ибзиан издыруа уи акы акәны Ихьшәашәаӡоуп сара сгәы аха

Ишҧацәгьоу ачҳара, сахәом

 

Припев

Иаҳхаҳгаз рышьҭахь, нас иауама?

Иҳабжьаз зегь рышьҭахь, нас иауама? 

Ҳара ҳаиҩызцәахом ахаан

Ҳара ҳаиҩызцәахом ахаан

Иҟалап нас амрагь ӡыҭуазар

Иҟалап агәалашәарагь хаҳәхар

Аха ҳаиҩызцәахом ахаан

Аха ҳаиҩызцәахом..

 

Имариоуп еиҳа наҟ уқәҵыр

Ма ухы уҿы уҧсахыр

Даҽа гәык уа утәы ацымхәрас иузҭаргылар Нас уҧсҭазаара ҿыц еицаҳзеиҧшу ҳҩызцәа рҿы

Исҭахәп саргьы иумоу ахашҭра

 

Припев

Иаҳхаҳгаз рышьҭахь, нас иауама?

Иҳабжьаз зегь рышьҭахь, нас иауама?

Ҳара ҳаиҩызцәахом ахаан

Ҳара ҳаиҩызцәахом ахаан

Иҟалап нас амрагь ӡыҭуазар

Иҟалап агәалашәарагь хаҳәхар

Аха ҳаиҩызцәахом ахаан

Аха ҳаиҩызцәахом..

 

Припев

Иаҳхаҳгаз рышьҭахь, нас иауама?

Иҳабжьаз зегь рышьҭахь, нас иауама?

Ҳара ҳаиҩызцәахом ахаан

Ҳара ҳаиҩызцәахом ахаан

Иҟалап нас амрагь ӡыҭуазар

Иҟалап агәалашәарагь хаҳәхар

Аха ҳаиҩызцәахом ахаан

Аха ҳаиҩызцәахом...

 

Ие-ооо ...

 

Припев

Иаҳхаҳгаз рышьҭахь, нас иауама?

Иҳабжьаз зегь рышьҭахь, нас иауама?

Ҳара ҳаиҩызцәахом ахаан

Ҳара ҳаиҩызцәахом ахаан

Иҟалап нас амрагь ӡыҭуазар

Иҟалап агәалашәарагь хаҳәхар

Аха ҳаиҩызцәахом ахаан

Аха ҳаиҩызцәахом...

Текст песни "Ҳаицуп"

сл. и муз. Х. Мукба

 

Бара боуми сара сгәаҵа иҭаз, еснагь

Ба банызымбоз сбызхьааон

Гәыӷрак сыман са сызгоз ҧхьаҟа, еиҭа

Ба бызбар ҳәа мҩак санылон

Исыргон сыбжьы хыхь ажәҩанахь, ба бахь Ибаҳарц сзызгәаҟуаз

Ба бахьыҟоу сыҟоуп уажәазы

Иҭоуп уи азы сыҧсы

 

Припев

Дсыҧшааит сзышьҭаз уи са сразҟы

Ҳара наӡаӡа шьҭа ҳаицуп

Бзиа бшызбо

Бзиа бшызбо

Ҳаҧсҭазаара наӡарц

Иҿыцу ҳаицанылеит амҩа

Абзиабара амҩа

 

Уара уоуми сара сгәаҵа иҭаз, еснагь Иахьыуцәысҵәахуаз уаргәаҟуан

Гәӷрақәак са сзын еиҳа ихадаз срызцон Сыццакуа ҽа мҩак санылон

Анасыҧ исҧылаз са сагеит уа уахь

Даҽа мҩак санылом

Уа уахьыҟоу сыҟоуп уажәазы

Иҭоуп уи азы сыҧсы

 

Припев

Дсыҧшааит сзышьҭаз уи са сразҟы

Ҳара наӡаӡа шьҭа ҳаицуп

Бзиа бшызбо

Бзиа ушызбо

Ҳаҧсҭазаара наӡарц

Иҿыцу ҳаицанылеит амҩа

Абзиабара амҩа

Бзиа бшызбо

Бзиа ушызбо

Ҳаҧсҭазаара наӡарц

Иҿыцу ҳаицанылеит амҩа

Абзиабара амҩа

 

Проигрыш

Припев

Дсыҧшааит сзышьҭаз уи са сразҟы

Ҳара наӡаӡа шьҭа ҳаицуп

Бзиа бшызбо

Бзиа ушызбо

Ҳаҧсҭазаара наӡарц

Иҿыцу ҳаицанылеит амҩа

Абзиабара амҩа

Текст песни «На двоих одна судьба»

Сл. и муз. А. Гумба

 

Под зонтом

Под легким осенним дождем

Мы идем, словно по небу вдвоем

Наши мечты будто цветные сны

В мире есть только я и ты

 

Первый взгляд и прикосновения рук

Не забыть наших сердец громкий стук

Нам так легко быть в невесомости

На глубине любви

 

Для нас с тобой одна судьба

В твоей руке моя рука

Одна любовь, одна мечта

Вместе навсегда

И это радость и слеза

Напоминает нам слова

О том, что ты моя душа

Это навсегда

На двоих – одна судьба!

 

Прикоснись к нежности нашей весны

Сохрани и сквозь года пронеси

Нам так легко на глубине любви

Где есть только мы

 

Для нас с тобой одна судьба

В твоей руке моя рука

Одна любовь, одна мечта

Вместе навсегда

И это радость и слеза

Напоминает нам слова

О том, что ты моя душа

Это навсегда

На двоих – одна судьба!

 

Для нас с тобой одна судьба

В твоей руке моя рука

Одна любовь, одна мечта

Вместе навсегда

И это радость и слеза

Напоминает нам слова

О том, что ты моя душа

 

Для нас с тобой одна судьба

В твоей руке моя рука

Одна любовь, одна мечта

Вместе навсегда

И это радость и слеза

Напоминает нам слова

О том, что ты моя душа

Это навсегда

На двоих – одна судьба!

Текст песни «Сыҧшӡа Сыҧсынра»

Сл. и муз. А. Мукба 

 

Иахьа ужәлар зегь гәырӷьауеит

Ишәаҳәоит, икәашоит 

Зегь аӡәыкны еидгыланы

Уара уныҳәаҿа рҳәоит

 

Улаша,

умҵәыжәҩақәа еиҵых

Унеила ҧхьаҟа

Убираҟ лаша-лашо

Адунеи иарба

 

Припев

Стәыла еиӷьу

Аҧсны еиӷьу

Иҟам ҽаџьара

Анцәа иҭыҧ ҳәа

Зыӡбахә наҩхьоу

сыҧшӡа сыҧсынра

 

Уа умшын еиқәа гәыҭбаагьы

Ҭынчуп иахьа

Уара ушьхақәа хырхәаны

Ирҧылоит сасра иаҳзаауа

 

Улаша,

умҵәыжәҩақәа еиҵых

Унеила ҧхьаҟа

Убираҟ лаша лашо

Адунеи иарба

 

Припев

Проигрыш

 

Улаша,

умҵәыжәҩақәа еиҵых

Унеила ҧхьаҟа

Убираҟ лаша лашо

Адунеи иарба

 

Припев

Текст песни «Сан»

Сл. и муз. А. Мукба 

 

Сааигәа быҟазар сҭахуп еснагь

Быблақәа ччалар сҭахуп еснагь

Бзиа бшызбо сааҧсом аҳәара

Бгуырӷьара зыҧсоуи абара

 

Припев

Анацәа зегь бзиоуп

Аха сара сзын

Зегьы дреиӷьуп!

Зегьы дреиӷьуп!

Зегьы дреиӷьуп, Сан!

Зегьы дреиӷьуп!

Зегьы дреиӷьуп!

Зегьы дреиӷьуп, Сан!

 

Ба бгуыразра азын иҭабуп

Ба быбзиабара азын иҭабуп

Хьаас сбымоуп сахьыҟазаалак

Гуырӷьароуп ба бахь санаауа

 

Припев

Анацәа зегь бзиоуп

Аха сара сзын

Зегьы дреиӷьуп!

Зегьы дреиӷьуп!

Зегьы дреиӷьуп, Сан!

Зегьы дреиӷьуп!

Зегьы дреиӷьуп!

Зегьы дреиӷьуп, Сан!

 

Сааигәа быҟазар сҭахуп еснагь

Быблақәа ччалар сҭахуп еснагь

Бзиа бшызбо сааҧсом аҳәара

Бгуырӷьара зыҧсоуи абара

 

Припев

Анацәа зегь бзиоуп

Аха сара сзын

Зегьы дреиӷьуп!

Зегьы дреиӷьуп!

Зегьы дреиӷьуп, Сан!

Зегьы дреиӷьуп!

Зегьы дреиӷьуп!

Зегьы дреиӷьуп, Сан!

© 2016. Хибла Мукба. Сайт создан на Wix.com

bottom of page